Авертолиотқәа Ми-24 45-шықәса рҟынӡа рхархәара алшоит

Ми-24 - ОКБ М. Л. Мотилиа иаԥиҵаз верталиотуп. Иофициалм ахьӡ— "Крокодил".
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Миль иконструктортә биурои "Роствертоли" авертолиот Ми-24 (аусутә хьӡы Ми-35П+) аус еиҭадырулеит. Иара ахархәара 45 шықәса рҟынӡа инаӡо иҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Афорум "Армия-2019" аҿы триллион мааҭ инареиҳаны аилаӡарақәа рыбжьарҵеит

Ацәыргақәҵа "Армия-2019" аҟны ахолдинг "Вертолеты России" адиректор хада Андреи Богински иҳәеит арҭ аԥрыгақәа рхархәара аамҭа уаанӡа ахархәара змаз аверталиотқәа ахьҿаҵаз атәылақәа рахь анеира ҳәа.

"Ари раԥхьа иргыланы африкатәи атәылақәа роуп. Уажәы ҳара иҳауеит алшара иҟоу аԥрыга парк амодернизациа азура", - иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла амодернизациа иаҵанакыз аверталиотқәа аналог-цифратә комплексқәа роуеит. Урҭ уаанӡатәи амодельқәа ирымамызт.

Иара убасгьы ахархәара аҭахоит иҿыцу аоптика-електронтә система.

"Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит аракетақәа аракетақәа "Атака" ма "Вихрь"ари аверталиот аҿы ахрархәара", - иҳәеит Богински.

Ми-24 иара аекспорттә вариант Ми-35П (Ми-35П+иаԥхьанеиуаз ) -30 шықәса ахархәара аман.