Арадио

Бебиа Тамшьтәи адесант азы: ҳхықәкы хада наҳагӡеит

Агәыԥ "Шьараҭын" аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Џьумбер Бебиа арадио Sputnik Аԥсны аҟны игәалаиршәеит аԥсуа еибашьцәа мшынла Тамшь ақыҭан ишӡхыҵыз ԥхынгәы 2, 1993 шықәсазы.
Sputnik
Бебиа Тамшьтәи адесант азы: ҳхықәкы хада наҳагӡеит

Ԥхынгәы 2, 1993 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит 300-ҩык рҟынӡа аԥсуа десант ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҿагыларазы.

"Аԥсыӡкыга асеинер ала 312-ҩык ауаа аа-сааҭк иназынаԥшуа амҩа ҳақәын, ақыҭа Кындыӷ ҳаӡхыҵыр акәын. Аҩбатәи аӷбагьы ыҟан, уи аибашьыгатә бџьар "Град" ҳәа изышьҭоу ақәгылан, иара убас аабаҟа арныҟәагатә катерқәа ҳнаскьаргон. Ашамҭазы ақырҭцәа ҳгәарҭан ҳаихсра иалагеит. Хкатерқәа ирыбзоураны машәырда аӡхыҵра ҳалшеит. Адҵаҟаҵаҩс дҳаман Лакут Зарандиа, ихаҭыԥуаҩс дыҟан Ҭемыр Жанаа. Агәыԥқәа аиҳабацәа рыман Сергеи Зыхәба, Руслан Блабба дҭахеит афырхаҵара аарԥшны. Ҳаԥхьагылаҩ Владислав Арӡынба дҵа хадас иҳаиҭеит мшынла ҳаӡхыҵны, уа иҟаз ҳамчқәеи ҳареи ҳҽеибыҭаны ҩымш иадымхаргьы амҩа аанаҳкылар акәын ақырҭуа арбџьарымчқәа Гәымсҭала ижәылоз ҳаибашьцәа ирԥырхагамхарц,  Аҟәа иҟаз рыр ацхыраара рырымҭарц.  Жәеиза мшы рҟынӡа амҩа кын. Адесант иалаз аибашьцәа, иара убас Кутолаа, Џьгьардаа, Тҟәарчалаа, егьырҭ Мрагыларатәи афронт аибашьцәа, - зегьы ҳамчқәа еибыҭаны ҳхықәкы хада наҳагӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит Бебиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.