Шьамтәыла аибашьра аанкылара арежим еилагоуп

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла аибашьра аанкылара арежим еилагоуп апровинциақәа Латакиеи Хамеи рҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала жәынтәы Латакиа аибашьра аанкылара арежим шеилагаз азгәарҭеит Шьамтәыла иҟоу аибашьра аанкылараз акомиссиа. Иара убасгьы апровинциа Хама аҿы ԥшьынтә аилагарақәа ыҟан.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1,7-ҩык ахҵәацәа

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла апровинциа Деир-Ез-Зор аиланхарҭа Меиазилиа Шьамтәылатәи арратә мчра рнапаҵаҟахь ииасит. Аинышәара апроцесс рхы аладырхәит 2527 еиланхарҭа ҭыԥ, арратә еиҿкаарақәа - 234.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1,7 нызқьҩык ахҵәацәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылатәи арабтә республикахь ихынҳәит 1670 –ҩык ахҵәацәа: Ливанынтә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" ирхысит – 422-ҩык (аҳәса – 127, ахәыҷқәа – 215), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" иахысит – 1248 -ҩык (аҳәса – 374, ахәыҷқәа – 636)", - аҳәоит адырраҭара.

Анџьныртә бригадақәа аминақәеи иԥжәо амаҭәашьарқәеи рҟынтәи идрыцқьеит 2,2 гектар адгьылҵакыра.

Шьамтәыла аибашьра иалагеит 2011 шықәса рзы. Иахьазы ирылаҳәоуп атеррористә гәыԥ ИГ ("Исламское государство") нырҵәоуп ҳәа.

Шықәсыбжак аҩныҵҟа Шьамтәылаҟа ихынҳәит миллионбжак ауааԥсыра.