Арадио

Џьопуаԥҳа: схәыҷаахыс ахьтәы медалла ашкол салгар сҭахын

Ахьтәы медалла Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ иалгаз Есма Џьопуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит занааҭс иалылхыз, аԥхьаҟа Аԥсны шылбо атәы.
Sputnik
Џьопуаԥҳа: схәыҷаахыс ахьтәы медалла ашкол салгар сҭахын

"Саныхәаҷыз инаркны ашкол ахьтәы медалла салгар сҭахын. Бзиа избон аҳасабра, алгебра амаҭәар сазҿлымҳан, убри аҟынтә аекономика азанааҭ алсхит. Исҭахыуп сыԥсадгьыл аҟны аекономика шьҭыҵырц. Убасгьы алитература, аҭоурых, англыз бызшәа бзиа избоит. Еиҳаракгьы ажәеинраалақәа срызҿлымҳауп, урҭ рыԥхьара бзиа избоит, аҩны ашәҟәқәа рацәаны иҳамоуп. Жәашықәса рнаҩс Аԥсны иаҳа ишәҭыкакаҷны иҟалап ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Џьопуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.