Путини Римтәи Папа Франциски еиԥылеит

Урыстәыла ахада ҩынтәуп Римтәи Папа Франциски диԥылоижьҭеи –2013, 2015 шықәсқәа рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Римтәи Папа Франциски реиԥылара мҩаԥысит Ватикан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ахада Апостолтә библиотека азалқәа дрыҩнысит Ватикан ацеремониалтә корпус аиҳабы, Ватикан аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Пьетро Паролинеи урыстәылатәи аделегациеи ицны.

Владимир Путин Римтәи Папа Франциск диԥыланы икабинет ахь днеиԥхьеит. Иааркьаҿыз афотосессиа ашьҭахь аиҿцәажәарақәа рахь ииасит.

Владимир Путин аԥшьашаҽны Италиаҟа днеиит. Иара дырԥылараны дыҟоуп атәыла ахада Серджо Маттарелла, аԥыза-министр Џьузеппе Конте, иара убасгьы аграждантә еилазаарақәа урыстәыла-италиатәи рфорум-диалог аилатәара ихы алаирхәуеит.