"Мызки бжаки раԥхьа Синоп ақалақь аҟны ҳаҟан, уи ааигәа иҟоу ақалақь хәыҷы ақыҭақәа маҷымкәа иаҵанакуеит. Синоԥ ҳшыҟаз заҳаз гәыԥк ааԥхьара ҳарҭеит уи ақалақь маҷ ахь. Уаҟа ирҳәеит ҩ-ԥсыуа қыҭак Иуқариеи Исанаси шыҟоу, 300 ҭацәа инареиҳаны ишынхо. Исанас Исламтәи аимпериа ахаан Аԥснынтәи ихҵәаны иааз ирырҭаз ҭыԥуп, уаҟа аӡәгьы дынхомызт, аԥсуаа анхара еиҿыркааит. Ажәлақәа уԥылоит Анқәабаа, Ҩарданаа, Бабалаа, Арҩҭаа, Багаԥшьаа. Дара ишаԥсыуаз рыздыруамызт ҳәа аҳәара иашаӡам, ус еиԥш адыррагьы цеит, еилибымкаарак ҟалазаап. Рхылҵшьҭра рдыруеит, рҟәыд, рбысҭа, рынхара –рынҵыра ыҟоуп, амала рбызшәа рыздыруам. Араҟа еиҿкаау аԥсуа хеидкылақәа ирыламызт, иҟалап уи азы иахәҭоу адырра рымамызҭгьы. Уажәы ирҳәеит даргьы еиҿыркаар, иалалар шырҭаху аԥсуаа рхеидкыла. Ҳазҭоу амза 13 рзы ус еиԥш ахеидкыла дара рҟны иаартхоит, анаҩс иазхәыцтәуп абызшәа дырҵаразы курск аиҿкаарагьы", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҳаразиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.