ОБСЕ Урыстәыла аанаԥхьоит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәнакырц

ОБСЕ Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла имҩаԥнаго аполитика иадгылоит, аимак аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа иԥхьаӡаны, убри инамаданы ОБСЕ ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкызарц.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Апарламенттә ассамблеиа Аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы аилак Урыстәылахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара мап ацәкызарц. Убри аан иазгәаҭан азхаҵара азакәаншьаҭа амамызт ҳәа.

Ақаҩба: Аԥсны аҭагылазаашьа Қырҭтәыла иара ишаҭаху еиԥш иахцәажәоит

РИА Новости адыррақәа рыла, абри аҩыза арезолиуциа рыдкылан амҽыша, ԥхынгәы 7 рзы. "Аԥсны, Қырҭтәыла, арегион Цхинвал/Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ауаҩытәыҩса ишәарҭадареи изинқәеи рҭагылазаашьа" ҳәа хьӡыс измоу адокумент апроект азлырхиеит ақырҭуа парламентари Софиа Кацарава.

"Апарламенттә ассамблеа Урыстәылатәи Афедерациахь ааԥхьара ҟанаҵоит жәларбжьаратәи азин анормақәеи апринципқәеи ирықәныҟәаны азакәаншьаҭа змам Қырҭтәыла адгьылҵакырақәа рхьыԥшымразы аӡбара мап ацәнакырц", - аҳәоит адокумент аҿы.

ОБСЕ арезолиуциа Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла аполитика иадгылоит, аимак аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Урыстәыла Афедерациатә хеилак жәларбжьаратәи аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьабаров иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы ЕАР аԥҟаԥҵәа аԥҟареи, ЕАР 1970 шықәсазтәи адекларациеи шьаҭас иҟаҵаны ахьыԥшымра шазхаҵаз.

Аҳәынҭқарратә Дума жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак аиҳабы Леонид Слуцки иҳәеит ареспубликақәа рыжәларқәа ргәаанагара азхьаԥшра хымԥада ишаҭаху.

Москва, нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа рышьҭахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.