Џьынџьалԥҳа: ацәыргақәҵаҿы иӡыргахо зегьы ахәыҷқәа рнапала иҭырхыз ауп
© Sputnik
"Ахәыҷқәа рнапала иҭырхыз асахьақәа роуп ацәыргақәҵаҿы иаарԥшхо. Иҟоуп асахьақәа урҭ иаҳа ианеиҵбыз иҭырхқәаз, ҳфонд аҿы иҳамақәаз, ҷыдала ацәыргақәҵаз иҭырхқәаз. 40 усумҭа убри аҽны иӡыргахоит. Уахь инеиуа зегьы ирылшоит асахьақәа дрыхәаԥшырц, мамзаргьы иаархәарц. Ацәыргақәҵа иахашәало зегьы шьҭхоит Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәрахь. Ԥхынгәы 8 иҷыдоу мшуп, аҭаацәараҟны абзиабара иазкуп, сгәы иаанагоит ааԥхьара заҳҭо зегьы неины иҳадгылап ҳәа Анела хәыҷы ацхыраара лыҭаразы", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.