Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Асҭанда Ҳашԥҳа Тҟәарчал ақалақь иазкны
© Sputnik
Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ, аетнодемограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Ҳашԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Урыстәыла имҩаԥысуаз аконгресс аҟны лажәахә Тҟәарчал ишазкыз.
Ԥхынгәы 2 инаркны 6-нӡа Казан ақалақь аҟны антропологцәеи аетнологцәеи а-ХIII-тәи реизара ду мҩаԥысуан. Уи Аԥснынтә иалахәын ҩыџьа аҵарауаа Асҭанда Ҳашԥҳаи Саида Возԥҳаи.
Аҵарауаҩ Асҭанда Ҳашԥҳа лгәаанагарала ақалақь аԥсҭазааразы аҳәынҭқарратә программа хымԥадатәиуп.