Аԥсны Жәлар реизара аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аҵиаақәеи ирызкыу Ашәҟәы ҟаԥшь аҭыжьразы азакәан апроект аԥхьатәи аԥхьарала ирыдыркылахьеит. Уи аахыижьҭеи иҵуеит ҩышықәса.
"Ашәҟәы ҟаԥшь аԥҵаразы агәыԥқәа хәҭа-ҳәҭала адҵа рымоуп. Аматериалқәа реизгара напы аркуижьҭеи акрааҵуеит, урҭ 80 процент рҟынӡа еизгоуп ҳәа сҳәар сылшоит. Сынтәоуп Ашәҟәы ҟаԥшь аизгара аус ахыркәшаразы абиуџьет аҟны аҟәрышь аназоурыжь. Аҵиаақәеи аԥстәқәеи рзы аматериал еизызгахьоу мамзар еизызго агәыԥқәа рхарџь ҳәа миллион мааҭ ыҟоуп. Арҭ аԥхын амзақәа рзы уи аус хыркәшазар сҭахуп, анаҩс Ашәҟәы ҟаԥшь анҭҳажьуа ҳәа азҵаара ҳалацәажәарц", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара агәаанагара ааирԥшит ашәҟәы азы иахәҭоу аматериалқәа зегьы ҳазҭоу ашықәс хыркәшахаанӡа еизгахап ҳәа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.