Арадио

Саманба: Қырҭтәылантә иаауа аалыҵ ахаҭабзиара ҽеим

Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Қырҭтәылантә иаауа аалыҵ ахаҭабзиара шҽеим атәы.
Sputnik
Саманба: Қырҭтәылантә иаауа аалыҵ ахаҭабзиара ҽеим

"Қырҭҭәылантәи иаарго атауар ахаҭабзиара азҵаара даара сгәы иалоу акәны иҟоуп. Аԥыза-министр иҿы ишьҭоуп ақәҵара, Егры аҳәааҿы ҳусуҩцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргаларц, мызкы ашьҭахь иара рыдыркылар, уи цхыраагӡа духон. Иаауа аалыҵ аӡәгьы игәеиҭаӡом, аџьармыкьаҿы агәаҭарақәа ахьымҩаԥаагоз, еилкаахеит зегьы реиҳа еицәоу атауар уахьынтә ишаауа. Ашәырқәа, ауҭраҭыхқәа зегь реиҳа анитратқәа рацәаны излоу Қырҭтәылантә иаагоу аалыҵқәа роуп. Ари азҵаара аус адулатәуп, иӡбатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Саманба.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.