Арадио

Ашәԥҳа: аҵарадырра, акультура анырра акраҵанакуеит аԥсадгьыл ахь аҿар рырхынҳәразы

Аҵараҵара амҩала арепатриантцәа Аԥсны аԥсҭазаара рагәылахалара заҭаху азҵааразы арадио Sputnik аҟны лгәаанагара лҳәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.
Sputnik
Ашәԥҳа: аҵарадырра, акультура анырра акраҵанакуеит аԥсадгьыл ахь аҿар рырхынҳәразы

"Аибашьра аԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иааны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵоз ҳџьынџьуаа рыбжьара иҟоуп иахьа аӷьараҳәа Аԥсынтәыла инхо: Низам Ҳапат, Сенер Гогәуа, Октаи Ҷкотуа. Аҵыхәтәантәи аамҭазгьы узыргәырӷьаша хҭысны иҟоуп Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи ҳуниверситет аҟны аҿарацәа аҵара зҵо ахьмаҷым. Хымԥада, аҵарадырра, акультура иҟанаҵо анырра акраҵанакуеит урҭ рыԥсадгьыл аҟны рынхара азҵаара аганахьала. Ирымҳәои, ауаҩы данқәыԥшу иаҳа игәаӷьуеит мҩак аныларазы. Иара аԥсадгьыл амчгьы ӷәӷәахозар акәхап, шьҭахьҟа ахынҳәрагьы дазымхәыцуа. Ара аҵара зҵо аҿарацәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны иҟоу рҩызцәагьы ирарҳәоит Аԥсны ирыԥсҭазаашьоу атәы, урҭ ражәа иаҳа агәра ргоит", - лҳәеит Ашәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.