Иреиӷьӡоу: ара даангылахьан ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин

Иарбанызаалак ақалақь еиԥш, Аҟәагьы иамоуп иара ахатә ҭыԥ ҷыдақәа, ақалақь аԥсҭазаара еиҳа иахьеилашуа. Ақалақь амҩаду хадақәа Леон имҩеи Аиааира амҩадуи инарываргыланы асеиԥш аԥсҭазаара еилашырҭа ҭыԥны иҟоуп Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа.
Sputnik

Sputnik

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа, иахьа ақалақь ауааԥсыреи ақалақь иаҭаауа асасцәеи реиҳа бзиа ибаны иахьынеиааиуа ҭыԥуп, иԥсшьарҭа ҭыԥуп, гәахәара дула амшын аҳауа цқьа ахьылбаардо ҭыԥуп, ашәҭқәа рыфҩы лаҳа-лаҳаи акаҳуа иҷыдоу афҩи реилаӡҩарҭа иаҭыԥуп.

Шәы-шықәса раԥхьагьы абра абасеиԥшҵәҟьа иҟан. Акызаҵәык, усҟан, ари аҭыԥ Михаиловсктәи аԥшаҳәа ҳәа иашьҭан.

Амшын иаԥныз ақалақь аҟәарахьы иҽԥынгылон аӷба дуқәа – ахәаахәҭратәқәа реиԥш апассаџьыртәқәагьы. 1857 шықәса рзы мацара Аҟәатәи абаӷәаза иаҭааит 237 ӷба рҟынӡа. Арҭ аӷбақәа машәырда арахь раакыдгыларазы 1861 шықәса рзы иргылан Аҟәатәи алашарбага.

Иреиӷьӡоу: ара даангылахьан ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин

36-метра иҩаӡо алашарбага аӷбақәа зегьы рымҩа ырлашо ишаԥ-шаԥуан аҵхҵәцараҟны. Иара акьышә-кьышәрахь ухаргалоит 146 мардуан. Ахыцәқәаҟынтә ишуҭаху иубоит Аҟәа ақалақь ахьынӡа-наӡааӡо, уалаԥшуеит Афон Ҿыц ахәҭак.

Иахьазы ари аланарԥшыга џьашьахәы ажәытәтәи аԥшӡара акырӡа иацәмаҷхахьеит. Ус шакәугьы аҭоурыхтә ҟазшьа аманы ишыҟац иҟоуп.

Иреиӷьӡоу: ара даангылахьан ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин

Ақалақь аҽеиҵнахцыԥхьаӡа аргыларақәа рацәахон, ирацәахон аҭааҩцәагьы. Аргыларақәа нап дыркын. Еиҳарак асасааирҭақәа.

Урҭ, ираԥхьатәиқәаз иреиуан асасааирҭа "Россиа". Ақалақь аҭоурыхдырыҩ Анзор Агәмаа игәаанагарала иара дыргылеит 1898 шықәса рзы, баҭымтәи аҭуџьар Соломон Вильфензон идҵала. Архитекторс даман Иван Бегич.

Асасааирҭа "Россиа" актәи акласс иаҵанакуан. Ҩбаны еихагылаз ари аргылара ақьырмыт ҟаԥшь иалхын. Амшын аҟынтәи ишуҭаху иубарҭан иара аԥшӡарақәа.

Ахыбра, усҟантәи аамҭазы имоданы ирыԥхьаӡоз амодерн астиль иаҵанакуан.

Иреиӷьӡоу: ара даангылахьан ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин

Афасад аҟны икылкааны уахәаԥшыр иубарҭан ахәмарратә мацақәа рсахьанҵа. Ирҳәоит урҭ ара ус баша ианымызт ҳәа – ахыбра зтәыз ауаҩы амацасра бзиа избоз, иазҟазаз аӡә иакәын ҳәа. 

Вильфензон, ҳәарада, заҟа ауаа рацәаҩны асасааирҭа иаҭаауаз еиҳа изеиӷьын, убри азы еиҿикааит асасцәа анышьқәа рыла амшынгәаҟны ирԥыланы асасааирҭахь раагара.

Ирацәаҩын мшынла аныҟәара иарааԥсаны, асеиԥш амаҵзура иеигәырӷьаны издызкылоз. Асасааирҭа "Россиа" аномерқәа мааҭк инаркны ф-мааҭк рҟынӡа иаԥсан.

Асасааирҭа иаман аԥшӡара икны иаго еиҿкааз агәаԥхарачарҭа, 30 инареиҳаны ауадақәа, ахатәы баӷәаза. Абраҟа даангылахьан Одессантәи Баҭымҟа ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин.

1908 шықәса рзы ари асасааирҭа амца акит, инықәкынгьы иблит. Асасааирҭа еиҭашьақәдыргылеит аха уаанӡатәи аԥшӡара рзышьақәмыргылеит.

Иреиӷьӡоу: ара даангылахьан ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин

Вильфензонраа рнапаҟны ари асасааирҭа 12 шықәса инарзынаԥшуа иҟан. 1910 шықәсазы иара аанахәеит Урыстәылатәи атранспорттә ԥгаԥсатә еилазаара. Асасааирҭа аус шауазгьы аҩбатәи акласс иаҵанакуа иҟалеит, нап адкыламхеит. Иреиӷьӡоу акласс иаҵанакуаз "Россиа" аҳаҭыр акыр илаҟәит.

Убас ишыҟазгьы ари ахыбра хазына иахьанӡагьы иааӡеит. Уажәы араҟа ауаа нхоит, нхарҭак аҳасабала ирымоуп. Урҭ насыԥ рымоуп уҳәар ауеит. Шәышықәса раԥхьа ашьшьыҳәа амшын иӡаалоз амра рылаԥшқәа шахьыхәхәо иахьагьы амшын инхыӡлоит.

Иреиӷьӡоу: ара даангылахьан ныҟәараҳәа амҩа иқәыз апоет Сергеи Есенин