Кирилл Вышински ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы доурышьҭыр ҟалоит

Ажурналист Кирилл Вышински ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы доурышьҭыр ҟалоит ҳәа рҳәеит Украина Апрокуратура хадаҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Ажурналист, апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ашәахьа, ԥхынгәы 15 рзы доурышьҭыр ҟалоит ҳәа рҳәеит Украина Апрокуратура хадаҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Украина апрокурор хада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Лариса Сарган лажәақәа рыла уи алшар ауеит Аконституциатә ӡбарҭа аӡбрала.

Москалькова Вышински иус зыӡбо ақәыӷәӷәара ду рырҭар ҟалоит ҳәа иазылыԥхьаӡоит

Уаанӡа, арадиостанциа "Эхо Москвы" аредактор хада Алексеи Венедиктов Украина ахада Владимир Зеленски Вышински иан лҟынтәи ашәҟәы ииҭеит. Ашәҟәы атекст ырзам.

МИА "Россия сегодня" аредактор хада Дмитри Киселев РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит аӡбарҭа аилатәара Украина ахада ҿыц игәаҭагахоит ҳәа.

"Апровокаторцәа аӡбарҭа ашә ԥҽны иҩнало иаабар ҳҭахым. Усеиԥш гәҭакқәак ыҟазаргьы ахада ҿыц изы иԥышәагахоит. Иажәа аӷәӷәара аанарԥшуеит", - иҳәеит Киселиов.

МИА "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан ааԥхьара ҟалҵеит аҭынчра аадырԥшларц.

"Кирилл Вышински илахьынҵа ҳазыԥшуп. Ҭынч ҳазыԥшуп", - лыҩуеит лара Telegram аҿы.

Ԥхынгәы 15 рзы Киев Подольсктәи араион аӡбарҭа ажурналист иус иахәаԥшуеит. Арахь дааины дыҟоуп Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Татиана Москалькова.