Арадио

Маан раԥхьатәи аԥсуа-ақырҭуа еиҿагыларақәа рзы: абасҵәҟьа иргәыӷьуеит ҳәа ҳаҟамызт

Ҩажәи жәаба шықәса раԥхьа, ииуль 15-16, рзы Аԥсны иҟаз ахҭысқәа, раԥхьатәи аԥсуа-ақырҭуа еиҿагыларақәа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәоит урҭ ирылахәыз, Афгантәи аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Геннади Маан.
Sputnik
Маан раԥхьатәи аԥсуа-ақырҭуа еиҿагыларақәа рзы: абасҵәҟьа иргәыӷьуеит ҳәа ҳаҟамызт

"Иара ишаҳбоз ала убасҵәҟьа ҟарҵоит ҳәа ҳаҟамызт, иаҳа-иаҳа аҭагылазаашьа ҵысуа ианалага ауп еилаҳкаауа ҳаналага. Убри аамҭаз абасҵәҟьа иргәыӷьуеит ҳәа иақәгәыӷуадаз. Аҳәынҭқарра амч дара рнапаҟны иҟан, ҳаргьы ак ҳалдыршоит ҳәа сыҟамызт, абџьар кра аҟынӡа инеиуеит ҳәа ҳгәыӷуамызт", – ҳәа игәалаиршәоит Маан.

Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәсазтәи ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла

1989 шықәсазтәи ииультәи ахҭысқәа рыҿиашьа шыҟаз атәы аветеран игәалашәара шазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.