АҞӘА, ԥхынгәы 17- Sputnik. ЕАА ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Анкара америкатәи аҳаирпланқәа F-35 раахәара иақәымгәыӷааит ҳәа азенит-ракетатә комплексқәа "Триумф" раахәара инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Америка ахада Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реилаӡара иашам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит уаанӡа Ҭырқәтәыла F-35 аахәара шагәҭакыз, аха уи уажәшьҭа ишалымшо.
Уаанӡа Европеи Евразиеи русқәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Уесс Митчелл игәаанагара иҳәахьан урыстәылатәи акомплексқәа С-400 раахәара Вашингтони Анкареи рыбжьара аибарххара арҿиоит ҳәа.
Уи аҭакс Анкара аӡәгьы иазҵаара агәы иҭаӡам, азенит-ракетатә комплекс С-400 аахәаразы ҳәа иҳәеит Ҭырқәтәыла Ахада Таип Ердоган Бишкек имҩаԥысуаз абизнес-форум аҿы.
Анкара С-400 ахьаанахәо инадҳәаланы ЕАШ аконгресс иааннакылеит Ҭырқәтәылаҟа F-35 анашьҭра. Уи адагьы ЕАА аҵара зҵо ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа F-35 апрограмма иалархәхом ҳәа аӡбра рыдыркылеит.
ЕАА агәаанагарала С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом.
С-400 "Триумф" - урыстәылатәи зениттә ракетатә системоуп. Иара ахархәарахь ирыдыркылеит 2007 шықәса рзы.