Арадио

Какалиа: ҳәынҭқарраны ҳаныҟала - аԥсыӡкра иадҳәалоу анормақәа наҳагӡароуп

Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аԥсыӡааглыхратә форум далахәын Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа. Иара арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уаҟа ишьҭыхыз азҵаарақәа ртәы.
Sputnik
Какалиа: ҳәынҭқарраны ҳаныҟала - аԥсыӡкра иадҳәалоу анормақәа наҳагӡароуп

"Афорум иалахәын 150 ҳәынҭқарра, Амшын Еиқәа иаԥну аҳәынҭқаррақәа зегьы уа иҟан, ақырҭқәа рыда. Афорум аартраҿы Аԥсны аҳәынҭқарра даара ишьҭыхны ахә шьан. Иара афорум аҿы иалацәажәон адунеи аҿы иҟоу аӡқәеи амшынқәеи рҿы иҭоу аԥсыӡқәа рҭагылазаашьа атәы. Иҟоуп жәларбжьаратәи анормақәа, ҳара ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳаӡбахә анга, урҭ аԥсыӡкра иадҳәалоу анормақәа ҳаҽрыдаҳҳәалароуп. Амшын Еиқәа иҭоу акамшьиа иадҳәаланы азҵаарақәа жәпакы шьҭыхын. Аԥсны аганахьала аԥсыӡкра аума, иҳамоу акомпаниақәа рнапы злаку аус азоума, иара ақыҭанхамҩа иадҳәаланы аума ицгьоу ҳәа ак адаҳгаларц ҳгәы иҭам", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: