Арадио

Ахԥҳа Аԥсны амш аҭагылазаашьа иазкны: ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ҟалом

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит иааиуа амшқәа рзы амш аҭагылазаашьа зеиԥшрахо атәы.
Sputnik
Ахԥҳа Аԥсны амш аҭагылазаашьа иазкны: ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ҟалом

"Ишаабо еиԥш ԥхынгәымзеи рашәарамзеи ҭыԥла рҽеиҭыркызшәа иҟоуп. Адунеи аҳауагәаҭаҩцәа зегьы еицгәарҭоит, уи аҩада адгьыл агәҭаҿы аҵааршәқәа ахьыҟаз аӡҭра иалагеит, аҳауаԥхарра акырӡа иацлеит, ақәа лассы-лассы илеиуа иалагеит, ҳаргьы уи ҳымԥада, ҳахәҭакуп. Аԥсабаратә цәырҵрақәа акыр рҽырыԥсахит", -ҳәа лҳәеит Ахԥҳа.

Аҳауагәаҭаҩ лажәақәа рыла арҭ амшқәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә иҟоу амшцәгьақәа Аԥснызы ашәара ыҟам.

"Аԥсны адгьылҵакыра иахьазы ҩҳауак еиҿагылоу рыбжьара иҟоуп. Хәыҷы-хәыҷыла аԥыжәара агоит мраҭашәарантәи иаауа аҳауа қәыӷәӷәара ҳаракы. Уажәы аҳауа еиҿагылара аладантәи ауп ишааиуа, аха ари аҳауа еиҿагылара ҳара ус иӷәӷәаны иҳасӡом, иаҳҳәап, Краснодартәи атәылаҿацә ишыкшаз еиԥш. Хымԥада, иаҳныруеит, аха ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам", - ҳәа азгәалҭеит Ахԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.