"Очамчыра ақалақь аҿы иҟоу ажәытәи антикатәи аамҭазы иҟаз ақалақь Гионес ҳәа изышьҭоу аҭҵаара хацҳаркып ҳәа ҳгәы иҭоуп ҿыц. Избанзар, уаҟа ҳаԥхьагьы аус руан Сергеи Шамба, Гьаргь Шамба, аха аҭҵаатәы маҷӡамкәа еиҭа иҟоуп. Аҵыхәтәантәи 12-13 шықәса аус ахьаҳуаз Џьанҭоутәи анышәынҭра, уи ҳалгеит иҭаҳҵааит, еиуеиԥшым астатиақәа ҳаҩхьеит, шьҭа азеиԥштә зегьы еидызкыло ашәҟәы аҭыжьра ҳҭахуп. Џьанҭоу иҳаԥшаауа ҳалагеит еиуеиԥшым антикатәи аамҭақәа иртәу, наҟынтәи иаагоу амаҭәарқәа, уи иаанаго уи ауп амшын аҿықә аҟынтәи акәын уахь иашнеиуаз ҳәа. Уа ааигәа иҟоу ақалақь Гиенос ауп азы уи ара ҳаинтерес ахь ииасит, ҳаизыҟазаашьақәа, ишԥеибабоз аҭыԥантәи ауаа, реизыҟазаашьа шыҟоу, иахьынӡажәаӡатәиу уи ақалақь, ихарҭәааны", – ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҵарауаа Аԥсны ашьхареи агеи ирықәынхоз ауаа рыԥсҭазаара еиҿдырԥшуеит
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: Ермитаж амузеи аҿы иҟоуп Аԥснынтәи археологиатә материалқәа