АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥарашәаратә система Western Union ԥхынгәы 22 инаркны, ҿыц ишьақәыргылоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны, 600 нызқь мааҭ еиҳаны мызкы ахы-аҵыхәала даҽа тәылак ахь аԥара аиагара ҟалом. Абри атәы аанацҳауеит аилахәыра асаит.
Арахь иаҵанакуам атәылақәа: Ҟазахстан, Кыргызстан, Китаи, Виетнам. Арҭ атәылақәа рганахьала мшаԥымза инаркны иаларгалахьан аиҭакрақәа: ишьақәыргылан 100 нызқь мааҭ еиҳаны аԥараиагара ҟалом ҳәа арҭ атәылақәа рзы.
Арҭ аԥкрақәа алагалоуп атерроризм аԥаразоужьреи аԥара аҿыӡәӡәаареи раԥырҟәҟәааразы ҳәа азгәарҭоит аилахәыраҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Visa аҭел аномер ала аԥара хсаалак аҟынтәи аҽа хсаалак ахь аиагаразы амаҵзура алагалоуп