Борис Џьонсон Британиа аԥыза-министр ҿыцс далхуп

Џьонсон инапынҵақәа рынагӡара далагоит ахаша инаркны. Иара убри амш азы лнапынҵақәа шьҭалҵароуп Тереза Меи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Британиатәи аконсервативтә партиа аҟынтәи Британиа аԥыза-министрс далхуп уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Лондон ақалақь ахада Борис Џьонсон. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥыза-министр иҭыԥ азы еиндаҭлоз ралхра реихшьаалақәа рышьҭахь, Борис Џьонсон иқәгылараан иазгәеиҭеит иусураҿы ихаданы иибо аоппозициа риааиреи Brexit жьҭаара 31 рҟынӡа амҩаԥгареи шракәу.

"Џьереми Корбини алеибористцәеи ҳариааиуеит, Brexit жьҭаара 31 рҟынӡа имҩаԥаагоит. Ҳара ҳхықәкы – Евроеидгыла алҵроуп", - иҳәеит иара.

Џьонсон инапынҵақәа рынагӡара далагоит ахаша инаркны. Иара убри амш азы лнапынҵақәа шьҭалҵароуп Тереза Меи.

Елизавета II Меи ԥхьатәара дцоит. Уи ашьҭахь аиҳабыра реилазаара ҿыц еиҿкаахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: