Иԥсҭазаара далҵит актиор Рутгер Хауер

Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз артист аҵыхәәтантәи аамҭазы игәамбзиара иахырҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Актиор Рутгер Хауер 75 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит, Нидерланды, иҩнаҭаҿы. Абри атәы ааицҳаит ихаҭарнак Стив Кенис, ҳәа аҳәоит РИА Новости саҭыжьымҭа Variety адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Хауер деицырдыруа дҟалеит 1982 шықәса рзы иҭрыжьыз Ридли Скотт икиносахьа "Бегущий по лезвию" аҟны ироль ала.

Хауер иара убасгьы акинофильмқәа "Зов предков", "Слепая ярость", "Попутчик", "Ночные ястребы", асериалқәа "Десятое королевство", "Великий Мерлин" рҟны арольқәа дыхәмарит.

1988 шықәса рзы Хауер "Золотой глобус" иоуит афильм "Побег из Собибора" аҟны ихәмарразы.