Тунис ахада иԥсҭазаара далҵит

Гаид ас-Себси Тунис ахадас дыҟан 2014 шықәса раахыс.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Тунис ахада Аль-Баджи Гаид ас-Себси 93 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аарыцҳауеит атәыла аиҳабыра Facebook аҿы.

"Аԥшьаша ашьыжь, ԥхынгәы 25 2019 шықәса рзы Ареспублика ахада Аль-Баджи Гаид ас-Себси Тунис арратә хәыәшәтырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭараҿы.