Арадио

Дбар Ҭырқәтәыла аӡхыҵра иақәшәаз ирызкны: ҳнеира еигәырӷьеит

Аԥсны арепатриациазы аминистр Беслан Дбар арадио Sputnik аҟны иҳәеит аԥсуа қыҭақәа рҟны инхоз Ҭырқәтәыла аӡхыҵра иақәшәаз хаҭала дырҭааны рҭагылазаашьа зеиԥшроу шибаз, дышрацәажәаз атәы.
Sputnik
Дбар Ҭырқәтәыла аӡхыҵра иақәшәаз ирызкны: ҳнеира еигәырӷьеит

"Лабҿаба иубази иуаҳауеи шеиԥшым агәра ҳгеит. Аҳәынҭқарра ахада идҵала Ҭырқәтәыла арыцҳара иақәшәаз ақыҭақәа рыхԥагьы ҳрылсны иаҳбеит. Избаз ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп, аԥсабара амчра закәу араҟа иааԥшит. Хымԥада, моралла адгыларагьы акраҵанакуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Даара ргәы иаахәеит ҳахьырбаз, ррыцҳара рыцеиҩаҳшазшәа рбеит", - иҳәеит Дбар.

Ԥхынгәы 17 рзы иҟалаз амшцәгьа иахырҟьаны Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо ақыҭа Есма- Ҳаным аӡы аҵалеит, ауааԥсыра аверталиотқәа рыла иахыргеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: