Арадио

Ҳаџьымба: Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аус аур - ҳҳәынҭқарра даҽа хаҿрак аиуеит

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" абазатә статус аиуит Аԥсны аминистрцәа реилазаара иаднакылаз аӡбрала. Аԥсны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба аилатәараҿы ари апроект ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Sputnik
Ҳаџьымба: Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аус аур - ҳҳәынҭқарра даҽа хаҿрак аиуеит

"Ари азҵаара аӡбара мариаӡамызт. Ирацәан аинвесторцәа апроетк згарц зҭахыз, иҟан зхатәы аинтересқәа раԥхьа изыргылоз, аха Урыстәыла аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаицәажәараҿы, агәра сдыргеит, азҵаара аӡбара шауа. Ари раԥхьатәи шьаҿақәоуп, апроект иацхраатәуп, иадгылатәуп- қьаадла ишьақәҳарӷәӷәоу аԥсҭазаараҿы аус ауртә иҟаҵатәуп. Иҳамаз азакәанқәеи, иахьа иҳадаҳкылоит ҳәа ҳазлацәажәози еиқәыршәаны аус еицыруртә иҟаҵатәуп. Аҳаир баӷәаза аус аур, усҟан ҳҳәынҭқарра даҽа хаҿрак аиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: