Кәарҷиа: Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ракәӡам, урҭ адгылара рызҭо роуп иџьоушьаша
© Sputnik
"Аԥсабараҟны закәануп – ирацәахо ахаҭабзиара ҳаракхаӡом. Иахьа нас иҟоу азакәанқәа еиларгаӡом. Ирацәоу, имаҷу алхыҩцәа иалырхроуп. Ауаа агәынамӡара зрымоузеи? Иуҳәар ауеит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат ус игәы иабоит, днеир аҭыԥ аҟны зегьы изеиҿкаауашәа. Иҟоуп аԥсуа жәаԥҟа: "Алаӷәра иқәланы аԥш лазҵоз иакәӡам иџьоушьашьа, убри диқәгәыӷны аца зыргылаз иоуп" ҳәа. Аԥышәа змам ауаҩы, акы ҟазымҵац, еиҿызымкаац ауаҩы илшошәа ибозаргьы, ивагылоу ауаа, уиашоуп ҳәа иазҳәо роуп иаҳа иџьоушьаша", - азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аудио . Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.