"Амилаҭтә шәҵатәы аӡахра ахә зынӡагьы иҳаракым. Хымԥада, иҟоуп зыхә цәгьоу аба, усҟан акостиум ахәԥса иаҳа иҳаракхоит. Ҳара напыла иаҳӡахуеит ахаԥа – уи аҳәынҵәрақәа роуп, ахҭырԥаҿы иаҳҭоит ачыхә, уигьы напыла иҟаҳҵоит. Акәымжәы, акаба, ахҭырԥа зегьы иааидкыланы бжьаратәла 20 нызыкь мааҭ рҟынза итәоит. Амилаҭҭә шьаҵатәы акәзар уи зӡахуа аҟазацәа ҳамоуп, бжьаратәла урҭ ԥшь нызықь мааҭ итәоит. Зегь реиҳа зыхә цәгьоу амаҟеи аҟамеи роуп, избанзар араӡны иалхуп азы. Уигьы амодақәа рыҩнаҿы иоур улшоит", - ҳәа азгәалҭеит Харџьелиаԥҳа.
Аӡахҩы лгәааналаграла аҵыхәтәантәи аамҭаз аҭыԥҳәа рышәҵатәаҿы елементк аҳасабала алаҵәара зауз аҳазырҭрақәа дырзыразым. Ажәытәан ус рҽеибыҭан ианныҟәоз уи даҽа ҵакык аман, иныҟәызгозгьы ахаҵамԥҳәыс ҳәа ззырҳәоз лакәын. Иахьатәи аамҭаз аӡӷаб уи лаҭәам, ҳәа лгәы иаанагоит аӡахҩы Харџьелиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Амилаҭ ҷыдарақәа змоу "амода"
Амилаҭ маҭәа ианыԥшуеит ажәлар рҟазара, ргьама, рестетикатә ҭахрақәа