"Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы гәалсрала иҳадаҳкылеит ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рзы иҟалаз ацәыӡ ду. Ажәа азҟаза ду, Аԥсны Жәлар рпоет, ауаажәларратә усзуҩы, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара жәашықәсала иалагылаз, зыжәлар рымаҵ аураҟны аџьабаа ду збахьаз апоет ду Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр иԥсҭазаара иалҵра. Даара ҳаҭыр, пату зқәыз ауаҩы дахьҳаԥхаз ҳгәы ҳнархьит. Иагьа аамҭа царгьы Рушьбеи Смыр иааԥсара, ижәлар рзы илшаз, амилаҭтә литература аихаҳараҟны ихы иалиршаз ӡра-ԥсра ақәӡамкәа иаанхоит. Апоет ихьӡ жжаӡа аеҵәа еиԥш ҳажәлар рыҩныҵаҟа иҟан, ус иагьыҟазаауеит", - иҳәеит Абҳазоу.
Иахьа 70 шықәса дшырҭагылаз игәамбзиара иахҟьаны идунеи иԥсахит Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр.
Рушьбеи Ҳазараҭ – иԥа Дырмит Гәылиа ихӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп, ианашьоуп Ахьӡ-Аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара. Ирҿиараҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит иԥсадгьыл ахь имаз абзиабара абзиабара ду, ижәлар рлахьынҵа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Рушьбеи Смыр: Аԥсны аԥшӡара бџьарла еиқәҳархеит – хшыҩла ихьчатәуп
Инна Ҳашԥҳа: Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа абызшәа абеира аадырԥшуеит