АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Афатә афестиваль аҿы, Калифорниа, Гилрои ақалақь аҟны, идырым ахаҿы ауаа рыжәпара далахысит, дриехсны ишьит хҩык ауаа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла ааха роуит 60-ҩык, урҭ рҟынтәи 15-ҩык ахәрақәа роуит.
Агәызҩара зызрымоу хаҵак аполициаа дааныркылеит. Уи ихьӡ макьаназ идырзом. Иҟоуп агәаанагара ацәгьауҩы аҩызцәагьы иман ҳәа.
Дональд Трамп твиттер аҿы ааԥхьара ҟаиҵеит "ауаа ргәырҽанызаарц".