Урыстәыла хара имгакәа аелектронтә паспортқәа ахархәара роуеит

Аиҳарак ацифратә документ аиурахь аиасра иазыхиоуп ахацәа (36%), аҿар (41%).
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Урыстәылаа реиҳараҩык аелектронтә документқәа рахь ииасраны ишыҟоу рдыруеит аха иазыхиам макьаназ ақьаадтә документқәа рааныжьра. Абри атәы ҭнаҵааит агәаагашарақәа рыҭҵааразы Урыстәылазегьтәи ацентр.

Аелектронтә паспортқәа ралагалара атәы рдыруеит 85% респондент, аха иара аиура иазыхиам 59% ареспондентцәа. Ацифратә документ аиура иазыхиоуп (31%). Аелектронтә паспорт иагхоуп ҳәа изазҵааз 22% ирҳәеит иара агәрамгара, 8% ацәшәоит абазаҿ аиԥҟьара ҟалар ҳәа, 4% ацәшәоит адыррақәа аҽаӡәы иоур ҳәа, 3% ари адокумент рхы ирзамырхәар ҳәа ишәоит.

Аелектронтә паспорт ахархәара рҭахуп абанктә артақәа рыла ашәарақәа рымҩаԥгараан 71% ауаа.

Аелектронтә паспортқәа рыҭара иалагараны иҟоуп 2020 шықәса рзы. Ақьаадтә паспортқәа рыҭара хыркәшахараны иҟоуп 2022 шықәса рзы.

Аелектронтә паспорт еиднакылоит еиуеиԥшым адыррақәа. ахархәара алшоит еиуеиԥшым амаҵзурақәа рымҩаԥгараан.

Ареформа ахәԥса иартәоит 114,5 миллиард мааҭ.