Арадио

Жьиба "Ахьӡ архынҳәразы": аҿарацәа ирдыруазароуп рабдуцәа ирхыргаз, ирлахьынҵахаз

Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы Алхас Жьиба арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны ибжьаӡыз рҭоурыхқәа шьақәыргыланы аҿарацәа ирзеиҭаҳәалатәуп, ааӡаратә ҵакы змоу апроект иацҵалатәуп ҳәа.
Sputnik
Жьиба "Ахьӡ архынҳәразы": аҿарацәа ирдыруазароуп рабдуцәа ирхыргаз, ирлахьынҵахаз

"Иахьазы 170-ҩык инареиҳаны аибашьраан иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз ирыдҳәалоу ашәҟәқәа рҭаацәарақәа ираҳҭоит. Аԥхьаҟа ари аус аҟны иҟаҵатәу рацәоуп, акурсантцәа уи иацырҵоит. Хышықәса раахыижьҭеи апроект аус ауеит, хабарда ибжьаӡыз рҭаацәагьы рхала иаҳзаауа иалагеит, уи аӡбахә шьҭа ирдыруеит. Рҭынхацәа рыхьыӡ, рыжәла ҳарҳәоит. Апроект анапхгаҩы урҭ ирыдҳәалоу ашәҟәқәа архивқәа рҿы иԥшаауеит. Аамҭа аныҟоу акурсантцәа ақыҭақәа ирҭаауеит, шьапыла ацара анрықәшәогьы ыҟоуп, аҩнаҭақәа ирҭаауеит ахабарқәа ртәы аазырԥшуа ашәҟәқәа аҭаацәарақәа ирырҭарц", - иҳәеит Жьиба.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа ирлахьынҵахаз аилкаара, ашьақәыргылара иазкуп. Апроект напхгара аиҭоит Григори Скворцов, ацхыраара ирҭоит Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа. Апроект Аԥсны аус ауеижьҭеи хышықәса ҵуеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: