Арадио

Аҩӡба Николаи Ачба изы: зыхьӡ еицырдыруаз аҩыҟаҵаҩ нага иакәын

Зыхьӡ Аԥсны анҭыҵ хара ирдыруаз аԥсуа ҩыҟаҵаҩ Николаи Ачба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәоит иахьатәи аамҭазы аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба Николаи Ачба изы: зыхьӡ еицырдыруаз аҩыҟаҵаҩ нага иакәын

115 шықәса раԥхьа диит аҩыҟаҵаҩ нага Николаи Баҭа-иԥа Ачба.

"Николаи Баҭа –иԥа Ачба аҩыҟаҵараҟны иааԥсара даара идууп, иҳаракуп. Дшыхәыҷыз Аҷандара аҩыҟаҵара инапы аликхьан, уи ашьҭахь Гәдоуҭа, Гагра. Аус иуан Краснодартәи атәылаҿацә аҟны. Асовет Еидгыла аҟны аҩыҟаҵаҩ ҳәа ихьӡ еицырдыруан. Аинститут санҭаз дыудыруама ҳәа апрофессорцәа дуқәа Герасимов, Тишковски сазҵаауан. Сара силаҽхәон, дыздыруан 14-15 шықәса анысхыҵуаз инаркны. Ҭемыр Бӷажәба акомпартиа Аԥснытәи аобласттә еилакы актәи маӡаныҟәгаҩс даныҟала, Николаи Ачба Аԥсныҟа диԥхьеит. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны иҟаз аиҿкаара "Аԥсуаҩы акомбинат" ҳәа иахьӡын. Адиректор хадас дыҟан Давид Гьаргь-иԥа Ӡаԥшьба. Акыр еилызкаауаз уаҩ дуун. Николаи  Баҭа –иԥа иакәзар изанааҭ дазҟазан. Абарҭ аҩыџьагьы рҽеидкыланы аусура ианалага ауп Аԥсны аҩыҟаҵара аныҳаракха", - иҳәеит Аҩӡба.

Аҩыҟаҵаҩ Николаи Баҭа-иԥа Ачба иоуп  раԥхьаӡа акәны адесерттә ҩы "Букет Абхазии" ҭзыжьыз. Уи еицгәарҭеит Асовет Еидгыла зегьы аҟны. 1954 шықәсазы Аԥсны аҩыҟаҵаҩ хадас аусура далагеит. Гәдоуҭа аҩызауад иргылеит. Уаҟа ауп иахьыҟаиҵаз иҿыхаау аԥсуа ҩы шкәакәа "Ԥсоу". 1960 шықәсазы Аҟәа азауад маҷ иргылеит ажь раԥхьа аус ахьадырулоз. 1962 шықәсазы иҷкәын Владимири иареи аҩхкы ҿыц "Лыхны" ҭрыжьит, 1967 шықәсазы "Аԥсны" ҳәа аҩ  хкы аԥшьаргеит.

1968-1971 шықәсқәа рзы Николаи Ачба аҩызауад иргылеит Аҟәа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: