Канџьи-оглы афатә аалыҵ ахаҭабзиара иазкны: аҳәааҟны макьаназ ашәҟәқәа роуп игәаҳҭо
© Sputnik
"Аҳәаа атәы уҳәозар, ааскьа ҳаилак ахаҭарнакцәа Ԥсоу идыргылеит аҭыԥаҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргаларц иҭаргало акарпыжә, ауҭраҭых, афатә аалыҵқәа рганахьала. Алаборатортә ҭҵаарақәа ҟаҳҵоит, аха аҳәааҟны макьана ус еиԥш алшара ыҟам. Ус еиԥш агәаҭарақәа ҳаилак алабаораториаҟны имҩаԥысуеит. Ииашоуп, уамак иманшәалам аҳәаа иахырго афатә аалыҵ, ауҭраҭых раанкылара , ргәаҭара. Егры аӡиас ала макьаназ ус еиԥш агәаҭарақәа мҩаԥысуам. Аалыҵқәа зегьы иахәҭоу ашәагазагақәа ишрықәшәо атәы зҳәо ашәҟәқәа рыцзароуп. Макьаназы ашәҟәқәа роуп игәаҳҭо. Гәҩарак шҳазцәырҵлак Аҟәа ҳлабораториаҟны агәаҭарақәа ирыхҳажьуеит", - иҳәеит Канџьи- оглы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.