Авиоеилахәыра S7 Airlines аамҭала ахьӡ аԥсахит

Иркутсктәи аобласти Красноиарсктәи атәылаҿацәи рҿы абылра ишаҿыц иаҿуп х-миллион гектар рҟынӡа абнарақәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2– Sputnik. Авиоеилахәыра S7 Airlines аамҭала ахьӡ аԥсахит "Сибирь" ҳәа, Сибра иҟоу амцакрақәа разхьарԥшразы ҳәа аҳәоит аилахәыра асаит аҟны.

"Арегион аҿы аҭыԥ змоу аекологиатә ҭагылазаашьа аҽацәхьакра азин ҳамамкәа иаабоит. Иркутсктәи аобласти Красноиарсктәи атәылаҿацәи рҿы абылра ишаҿыц иаҿуп х-миллион гектар рҟынӡа абнарақәа. Аамҭала ажәытәтәи ҳахьӡ – "Авиакомпания "Сибирь" ҳазыхынҳәуеит, Сибра абнақәа реиҭарҿиаразгьы аԥшьгамҭа ҟаҳҵоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Авиаеилахәыра хықәкны иамоуп миллионк инарзынаԥшуа аҵлақәа реиҭаҳара.

"Абренд S7 Airlines ҳазыхынҳәуеит абри азы иазхо аԥара анеизаагалак", - рҳәеит аилахәыраҿы.

Нанҳәа 1 азы Урыстәыла иахьаҵанакуа 470 мцакраҭыԥ ыҟоуп, абылра иаҿуп 2,9 миллион гектар инеиҳаны абнара.