Чикаго ҩаԥхьа ахысрақәа ҟалеит, быжьҩык ахәрақәа роуит

Уаанӡа ахәаахәҭратә центр Walmart (Техас) иҟаз ахысрақәа ирыхҟьаны иҭахеит 20-ҩык, 26-ҩык ахәрақәа роуит, Ақалақь Деитон (аштат Огаио) аҟны жәҩык ауаа ршьит ахысрақәа раан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Аҭыԥантәи аполициа адыррақәа рыла Чикаго ақалақь ахәыҷтәы парк аҿы быжьҩык ауаа хәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NBC адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ахҭыс аҭыԥ аман асааҭ 1:20 азы. Идырым ахаҵа автомашьына Chevrolet Camaro аҟынтәи ахысра ҭеиҵеит. Уаанӡа ахәаахәҭратә центр Walmart (Техас) иҟаз ахысрақәа ирыхҟьаны иҭахеит 20-ҩык, 26-ҩык ахәрақәа роуит, Ақалақь Деитон (аштат Огаио) аҟны жәҩык ауаа ршьит ахысрақәа раан.

Абри аан ихысуаз 21 шықәса зхыҵуаз Патрик Крузиос даанкылоуп.