АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Ҟрым мраҭашәаратәи амшын аԥшаҳәа Саксктәи араион Штормовое ақыҭаҿы акурорттә кластер ҿыц дыргылараны иҟоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ареспублика акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченко.
"Саксктәи араион Штормовое ақыҭаҿы акурорттә кластер ҿыц аиҿкаара иаҿуп. Иара ахышәа-ҵышәа 500 гектар инаӡоит", - иҳәеит Волченко апарламент аилатәараҿы.
Ақыҭа Штормовое Амшынеиқәа ҟрымтәи мраҭашәарахьтәи аԥшаҳәа ахәҭаҿы иҟоуп. Араионтә центр Саки аҟынӡа 48 километр бжьоуп. Амшын аԥшаҳәа инаваршәны акыр километр аҽеиҵнахуеит 100 метрак рҟынӡа зыҭбаара ыҟоу аԥслымӡтә ҟәара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амшынеиқәаҿ аҽыкәабаразы еиҳа ицқьоу аҭыԥ алкаауп