Арадио

Қаџьаиа аибашьраантәи аҭыхымҭақәа рзы: иҟаз ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо роуп

Аоператор, афотокорреспондент Рамин Қаџьаиа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аибашьраан аҭыхымҭақәа аныҟаиҵоз хықәкы хадас имаз.
Sputnik
Қаџьаиа аибашьраантәи аҭыхымҭақәа рзы: иҟаз ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо роуп

Sputnik апресс-центр аҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи афотокорреспондент Андреи Стенин игәалашәара иазкыз аиԥылара. Хәышықәса раԥхьа Риа Новости афотокорреспондент Андреи Стенин Донбасс дҭархан. Аибашьра анцо аамҭазы иуадаҩуп авидео, асахьаҭыхымҭақәа уҳәа рыҟаҵара, аха уи  зылшо ауаа роуп иҟаз шьақәзырӷәӷәар ауа.

"Аԥсадгьыл ахьчаразы аибашьраан ақырҭцәа инарҿагыла аҷкәынцәа, ҳара иҳалшоз ала рсахьак џьара ауаҩы ибартә аҟаҵара ҳашьҭан. Избанзар аибашьра еилгар, ус иҟаӡамызт ҳәа рҳәар ауеит ишьақәзырӷәӷәо ыҟамзар. Уи акәын ихадараз. Егьыс сҭыхымҭақәа рҟны ашедевр ҳәа акгьы ыҟаӡам. Сара хԥаны еизызгон аматериал: аудио, авидео, афото. Ишьақәыргыланы ҳәа акгьы  ҭысымхӡеит, избоз ауп. Аԥсадгьыл ахьчара зегь раасҭа иҳаракуп, урҭ ахаҿсахьақәа ҭысымхыргьы Ҳазшаз исџьишьон", - ҳәа азгәеиҭеит Қаџьаиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.