Ингуштәыла атеррорист дҭархоуп

Ингуштәыла Малгобексктәи араион аҿы аиҿахысраан атеррорист дҭархан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik. Ингуштәыла , Малгобексктәи араион Вознесенское ақыҭаҿ антитеррористтә операциаан атеррорист дҭархан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Амаҵзура адыррақәа рыла ақыҭаҿ аиҿахысрақәа раан атеррорист дҭахеит.

"Аиҿахысрақәа раан, иҟоу аинформациала, террористк дҭархоуп", - ҳәа азгәарҭоит аҭыԥантәи азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы.

Аоперативтә штаб ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит аҭынчра аадырԥшларц, азинхьчаратә усбарҭақәа русура рҽаларымгаларц.