Ҳаџьымба агәамбзиара змоу алхыҩцәа рзы: аҭаацәа заанаҵы адырра ҟарҵароуп
© Sputnik
"Ҳраион аҟны алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа ыҟоуп, урҭ ирыҵаркуеит алхратә ҭыԥқәа жәаф рыҵаркуеит. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 12 нызқьҩык инарзынаԥшуеит. Раԥхьаӡа акәны абжьыҭара иалахәхо рхыԥхьаӡара 57-ҩык ыҟоуп. Араион аҟны абжьыҭара ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа хиоуп. Акы заҵәык, макьаназы асиа ҳазыԥшуп алхратә ҭыԥ хада аҟынтәи, анаҩс ҳара иҳамоуи иареи еиҿҳарԥшуеит иацлаз, иагхаз рганахьала, уи ашьҭахь аҭыԥ аҟны икыдҵахоит. Егьыс зегь рыла алхрақәа рымҩаԥгара ҳазхиоуп", - иҳәеит Ҳаџьымба.
Иара иазгәеиҭеит агәамбзиара иахҟьаны алхырҭатә ҭыԥқәа рахь измнеиуа абжьыҭара рхы аладырхәыртә алшара шроуа, амала урҭ рҭаацәа заанаҵы алхырҭатә ҭыԥ иадҵаалароуп, арзаҳал нрыжьроуп.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.