Америкатәи аесминец Амшынеиқәахь ахы хоуп

ЕАА арра-мшынтә мчрақәа ресминец Porter Амшынеиқәахь анеира 2019 шықәса рыҩныҵҟа фынтәтәи ҽазышәароуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9– Sputnik. Еиду Америкатәи Аштатқәа арра-мшынтә мчрақәа ресминец Porter Амшынеиқәахь аҭалара агәҭакуп "Арегионтә ҭышәынтәалараз аоперациақәа" рылахәхаразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳадгылаҩцәеи ҳареи Амшынеиқәаҿ еицымҩаԥааго арра-мшынтә операциақәа аизыҟазаашьа бзиа, арегион аҿы аҭышәынтәалара ирзырхоуп", - иҳәоит ЕАА афбатәи афлот акомандаҟаҵаҩ Лис Франкетти.

Уаанӡа, 2019 шықәса рзы Амшынеиқәаҿ иҟан аесминец Carney. Иара алахәын америка-украинатә ҽазыҟаҵарақәа Sea Breeze. Арҭ аҽазыҟаҵарақәа иара убасгьы ирылахәын 17 тәыла.

ЕАА аӷбақәа Амшынеиқәа акваториаҿ рыҟазаара азин ҟарҵоит жәларбжьаратәи анормақәа, Монтре иконвенциагьы абрахь иналакны.

Мшаԥымзазы НАТО амаӡаныҟәгаҩ Хада Иенс Столтенберг аҳәамҭа ҟаиҵеит алианс Амшынеиқәаҿ Украинеи Қырҭтәылеи адгылара рнаҭалоит ҳәа.

Урыстәыла акәзар асеиԥш ахымҩаԥгашьа ишәарҭоу идеиоуп ҳәа иршьоит.