Сибреи Инахароу Мрагылареи рҿы абнақәа рырцәара иаҿуп

Ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 9 рҟынӡа имҩаԥгаз амцарцәарақәа ирылҵшәаны 96 нызқь гектар рҟынӡа амца зкыз аҭыԥқәа дырцәеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Сибра, Инахароу Мрагылара арегионқәа уҳәа рҟны амцакрақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа 1,2 миллион гектар рҟынӡа еиҵартәит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Сибра, Инахароу Мрагылара арегионқәа уҳәа рҟны амцакрақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы 355 мцакраҭыԥ дырцәеит. Дара рҵакыра 1,2 миллион гектар рҟынӡа инаӡон" ҳәа аҳәоит амаҵзура адырраҭараҿы.

Ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 9 рҟынӡа имҩаԥгаз амцарцәарақәа ирылҵшәаны 96 нызқь гектар рҟынӡа амца зкыз аҭыԥқәа дырцәеит.

Уаанӡа ишырҳәоз ала аԥыза-министр Дмитри Медведев агубернаторцәа рнапы ианиҵеит абнарцәара хаҭала ахылаԥшра арҭаларц.

Иара убасгьы Апрокуратура хада, Ашьаусҭҵааратә еилакы, Урыстәыла ААР рнапы ианиҵеит амцакратә ҭагылазаашьақәа ҭырҵаарц. Аҭҵаарақәа рылҵшәазы аҳасабырба азырхиатәуп абҵара 1 азынӡа.

Амцакрақәа ирыхҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп: Иркутсктәи аобласт, Красноиарсктәи атәылаҿацә, Буриатиа, Иакутиа.