Уахыки-ҽнаки ирылагӡаны ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ахҵәацәа Шьамтәылаҟа ихынҳәит

Цәыббра 30, 2015 раахыс Шьамтәылаҟа аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа рҟынтә ихынҳәхьеит 531 693-ҩык ауааԥсыра. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла иааиԥмырҟьаӡакәа рынхарҭақәа рахь ихынҳәит хҩык ауаа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит Иорданиеи Ливани рҟынтәи ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа аҳәоит Аиныршәара урыстәылатәи ацентр аинформациатә биуллетень аҟны.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1909-ҩык ауааԥсыра Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" рыла – 395-ҩык (аҳәса – 118 ахәыҷқәа – 202), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" ала – 1 514-ҩык (аҳәса – 454, ахәыҷқәа– 722)", - аҳәоит абиуллетень аҟны.

Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра

2018 шықәса ԥхынгәы 18 раахыс Шьамтәылаҟа аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи ихынҳәхьеит 347 071-.ҩык ауааԥсыра.

Шьамтәыла анџьныртә арҟәшақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы аминақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит апровинциа Дераа аҿы ҩ-гектарк адгьыл.

ҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа 45 – зыҟны шьамтәылатәи ахҵәацәа нхо рахьтә ҩажәижәаба (Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Германиа, Ирак, Египет, Нидерланды, Австриа, Даниа, Бырзентәыла, Швеицариа, Кипр, Бельгиа, Италиа, Румыниа, Испаниа, Ирландиа, Мальта, Польша, Босниеи Герцеговинеи, Аргентина, Лиуксембург, Хорватиа, Словениа, Болгариа, Венгриа, Исландиа, Словакиа, Чехиа, Латвиа) рҵакырақәа рҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара мҩаԥысуеит 2011 шықәса раахыс. 2017 шықәса анҵәамҭазы ирылаҳәан атеррористтә гәыԥ ИГИЛ ишаиааиу азы.

Иахьатәи аамҭазы аполитикатә ҭышәынтәалара, атәыла аиҭашьақәыргылара, ахҵәацәа рырхынҳәра иаҿуп.