"Аҳәырԥсарра аиҭашьақәыргылара ҟалеит 2002 шықәса рзы, Анаҟәаԥиа аилыргара ҳанаҿыз аамҭазы иҳауан аԥшаахқәа, ана-ара ак цәырҵуан, археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥаагон, убри абзоуралагьы иҳауан аматериал. Акыршықәса аидеиа ҳаԥхьа иқәгылан, хәбаҟа шықәса ахыбра аиҭашьақәыргылара ҳаҿын. 2010 шықәса инаркны амузеи ашә аатит, амала залк ауп иҟаз, апалеонтологиа, археологиа, аетнологиа уҳәа аҟәшақәа рыла. Нас, Анаҟәаԥиатәи абааш акәшамыкәша аҭҵаарақәа анымҩаԥаҳгоз ицәырҵит еиҭа акырзҵазкуаз аԥшаарақәа, урҭ рӡыргаразы ҳҽазаҳкит даҽа залк аартра", - ҳәа игәалаиршәоит Аргәын.
Аргәын иажәақәа рыла амузеи аинтерес змоу рацәаҩуп, иаҭаауа маҷҩым. Аԥсны атәылауаа рзы аҩналара хәыдаԥсадоуп, иаҳа иазҿлымҳазар ҳҭахуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.