Барчан: ақалақь хәыҷқәеи ақыҭа хәыҷқәеи аиҟарамра рыбжьоуп
© Sputnik
"Ақыҭа школқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рылаԥшҳәаа ҭшәоуп. Жәаҩа шықәса ахәыҷқәа аус рыдызулоижьҭеи уи гәаҭаны исымоуп. Ақалақь хәыҷқәеи ақыҭа ҳәыҷқәеи аиҟарамра рыбжьоуп. Ҩышықәса раԥхьа ақыҭа хәыҷқәа Аҟәа иааны рыԥсы ршьон. Дара гьежьны ианнеи рхымҩаԥгашьа, рцәажәашьа, рхәыцшьа еиҳа аҽеиҭанакны ашкол ахь иҳазнеит. Ирзымдыруаз ахәмаррақәа рацәахеит, дҵада ныҟәара ацара уҳәа иаҳа рхы иақәиҭын. Иҟан амшын иҭамлацызгьы, ақалақь аҿы еиҿкааз алагер иабзоураны уи алыршахеит. Ирзеиҿкаан еиуеиԥшым аныҟәарақәа егьырҭ араионқәа рахь. Ари зегьы ақыҭа хәыҷқәа рзы блахтыроуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Барчан.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.