Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Шьамтәылаҟа х-нызқьҩык инареиҳаны ахҵәацәа хынҳәит

Цәыббра 30, 2015 раахыс Шьамтәылаҟа аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа рҟынтә ихынҳәхьеит 1 303 805-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит Иорданиеи Ливани рҟынтәи х-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа аҳәоит Аиныршәара урыстәылатәи ацентр аинформациатә биуллетень аҟны.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 3064-ҩык ауааԥсыра Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" рыла – 389-ҩык (аҳәса – 117 ахәыҷқәа – 199), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" ала – 2675-ҩык (аҳәса – 803, ахәыҷқәа – 1364)", - аҳәоит абиуллетень аҟны.

Шьамтәыла анџьныртә ҟәшақәа уахыки-ҽнаки ирылагӡаны 2,8 гектар аҵакырадгьыл аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит. Апровинциақәа Алеппо, Дамаск, Хама рҟны аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны аинфраструктура (аӡылеиқәыршәара, афымцеиқәыршәара) еиқәдыршәоит, аҭыӡҭыԥтә цхыраареи атәылауаа рынхарҭа ҭыԥқәа рахь рырхынҳәреи мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: