АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Археологцәа Помпеи ирымԥыхьашәеит Римтәи аимпериа иаҵанакуаз ахазынахәқәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА НовостиEuronews адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
"Амаҭәарқәа есыҽны ахархәара рыман. Ара иҳамԥыхьашәеит еиуеиԥшым асимволқәа зну аҽырԥшӡагақәа", - еиҭалҳәеит археологиатә парк Помпеи адиректор Массимо Осанна.
Аҽырԥшӡагақәа египеттәи афаианс, аџьаз, ашаҳабз, ақаруа, ахаҳә цәаԥшь, аметист, ахаҳә, асаркьа, аҵәцаш ирылхуп. Аҵарауаа ргәаанагарала урҭ амал зтәыз аӡәы итәуп.
Иара убасгьы иԥшаан ачақьмача. Уи иҭан асаркьалых хәыдхаҵа, еиуеиԥшым астатуеткақәа. Аԥшаахқәа амузеи Palestra Grande аҿы иӡыргахоит.
Помпеи – ажәытә қалақь, авулкан Везуви аԥжәараан, ҳера ҟалаанӡа 79 шықәса рзы ирхәашан.