Арадио

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа ирылшеит "аӷа" ижәылара аԥырҟәҟәаара

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа, 350-ҩык, қәҿиарала ирылшеит "аӷа" ижәылара аԥырҟәҟәаара.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал арратә дәы аҿы рҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "атеррористцәа".

Аладатәи арратә округ аԥшыхәцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

"Мчыбжьык иназынаԥшуа, аполигон Ҵабал аҟны Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа рыцхыраарала. Ҷыдала азхьаԥшра арҭон еиҭарго, ановигациатә система "Глонасс" ала еиқәыршәоу акомплекс "Стрелец", "Грот-М" рхархәара", - иҳәеит иара.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Аҽазыҟаҵарақәа рысценари ала "атеррористцәа" арратә қалақь иалаланы арратә техника еиуоу амашьынақәа рнапахьы иааргар акәын.

Арратә ҟәшақәа урҭ шьҭахьҟа реиҭаҵра аԥырҟәҟәааны рымҩақәа шыркыша азыԥхьагәарҭон.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь хышәи ҩынҩажәижәабаҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи 20 цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, ацифратә еимадареи анавигациеи рзы ахархәага "Грот-М", "Стрелец", ҳаамҭазтәи акәылӡтәы транспартиор БТР-82АМ, акәылӡтәы машьына "Тигр".