Арадио

Габуниаԥҳа еиҭалҳәеит Ҭхьына ашкол ҿыц аргылараҟны аусурақәа ахьынӡанеихьоу

Ҭхьынатәи абжьаратә школ адиректор Лариса Габуниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ақыҭаҟны ҿыц иргылоу ашкол аҟны аҵыхәтәантәи аусурақәа шцо.
Sputnik
Габуниаԥҳа еиҭалҳәеит Ҭхьына ашкол ҿыц аргылараҟны аусурақәа ахьынӡанеихьоу

Ҭхьына ақыҭаҟны ҭабжьаратә школ ҿыц аргыларазы аусурақәа ирылагеит 2017 шықәсазы.

"Ашкол аҟны аҵыхәтәантәи аусуарақәа цоит. Аҩбатәи аихагылаҟны адашьма ықәҵаны, ишәны актәи аихагылахь илбааит. Алашара, арԥхага, аӡымҩангага уҳәа зегьы рхиоуп,  ҩнымаҭәалагьы еиқәыршәахоит ҳәа ҳарҳәеит, аҵара аминистрра аҟынтәи иаҳҭан, адашьма абара ҳазыԥшуп. Ашкол аҟны акласстә уадақәа 11 ыҟоуп, арҵаҩцәа, адиректор руадақәа, абиблиотека. Аҵарашықәс анхҳаркәшоз арзаҳалқәа шьҭарҵеит аа-ҩык рҟынӡа ашкол ҿыц ахь ацаразы. Уаанӡа иҭаз ракәымкәа даҽа ҩыџьа-хҩык егьырҭ ашколқәа рҟынтәи иааир рҭахуп ҳәа ҳаҳауеит, макьаназы урҭ арзаҳал аларымҵацт. Иахьазы 84 ҩык аҵаҩцәа ашкол ахь ицоит ҳәа ҳдыруеит. Актәи акласс ахь акәзар 9- ҩык цараны иҟоуп, ашкол арҵаҩцәа рыла еибыҭоуп", - лҳәеит Габуниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: