НАТО анырҵәага Шоигу дызҭаз аҳаирплан азааигәахара аҽазнашәеит

Ахҭыс аҭыԥ аман аминистр дызҭаз аҳаирплан Су-27 ескортла Москваҟа Калининградынтәи ианаауаз.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. НАТО анырҵәага F-18 аҽазышәара мҩаԥнагеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу дызҭаз аҳаирплан Балтикатәи амшын ианахаԥраауаз аҽазааигәанатәырц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҩашаҽны ахҭыс авидео цәырнагеит.

НАТО аанырҵәага F-18 аҽазышәара мҩаԥнагеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу дызҭаз аҳаирплан Су-27 Балтикатәи амшын ианахаԥраауаз аҽазааигәанатәырц, аха иԥхьацан.