Арадио

Ҷанба еиҭеиҳәеит Аԥсуа театр аҟны аԥхьаҟа гәҭакыс ирымоу атәы

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аԥхьаҟа гәҭакыс ишимоу атеатр аҟны аҿартә студиа аартра.
Sputnik
Ҷанба еиҭеиҳәеит Аԥсуа театр аҟны аԥхьаҟа гәҭакыс ирымоу атәы

"Санкт-Петербурги Москвеи аҵара иалгаз аҿар рацәаны иаҳзааит. Уи уажәы аҭагылазаашьа ҳнаҭеит "Ромеои Џьулеттеи" ақәыргылара. Избанзар урҭ рықәра иақәнагоу актиорцәа умамзар атеатр аҟны аспектакль узықәыргылаӡом. Ҳара иахьа иҳамоуп ароль хадақәа назыгӡо ҩыџьа – ҩыџьа актиорцәа. Убри аҟынтә исҭахуп актиорцәа ҿарацәа рзы хазы астудиа аартра, дара рхы аадырԥшыртә еиԥш. Аԥсуа театр аҟны еиуеиԥшым азалқәа ыҟоуп, иҳамоу аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп", - иҳәеит Ҷанба.

Ашықәс иалагӡаны Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны еиуеиԥшым апроектқәа алыршан. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны аконцеррттә зал ҿыц аартра, ахәыҷтәы студиа, аҟазара аусзуҩцәа ахьеиԥыло асалон "Витраж", апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа", иаартын атеатралтә каҳуажәырҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: